Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны аиланхарҭа Артемово ахы иақәиҭыртәит

УкрАМ уахыки-ҽнаки рыла ирцәыӡит 1935-ҩык ҳәа аанацҳауеит УА Атәылахьчара аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 19 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны ахы иақәиҭыртәит аиланхарҭа Артиомово ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Ар ргәыԥ "Центр" аҟәшақәа Донецктәи жәлар Рреспублика Ӡержинсктәи агломерациа иаҵанакуа аиланхарҭа Артиомово ахы иақәиҭыртәит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭа.
Иара убасгьы ар ргәыԥ "Иужныи" арҟәшақәа ДЖәР аҟны аихамҩатә станциа Выемка ахы иақәиҭыртәит.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи 147 раион рҿы Украина аибашьыга техникеи аруааи ааха рырҭеит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит напхгара змоу авиациатә бомба Hammer, HIMARS 26 хгәыцә, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 49.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 636 ҳаирыплан, 282 вертолиот, 30 161 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 575 зенит-ракетатә комплекс, 17 340 танки акәылӡымашьынеи, 1 412 реактивтә система, 13 415 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 24 919 ак аибашьыгатә автомобилтә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа ДЖәР Свиридоновка ақыҭа ахы иақәиҭыртәит