АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра ариашарақәа алагалазарц.
Адокумент инақәыршәаны абаџьқәа рықәырҵалом "Аԥсны азы асоциалтәии аекономикатәии ҵакы змоу" урыстәылантәи иаарго атауарқәа. Адокумент кьыԥхьуп анорматив-зинтә актқәа рпортал аҿы, аҭҵаара иаҿуп.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭразы аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа рыԥкаанҵа Чечентәыла, ԥхынгәы 16 азы анапы аҵаҩын. Иара иазыԥхьагәанаҭоит ареспубликазы аҵакы зманы иҟоу атауарқәа рзы аҳазатә баџьқәа рхамырхәара.