АҞӘА, нанҳәа 20 – Sputnik. Нанҳәа 20 ашьыжь, Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа иахьаҵанакуа амҩатә машәыр аҟны ахаҵа дҭахеит.
Араион АҩАР аҟны ирҳәеит амашьына аԥсҟы зкыз иаԥхьа инеиуаз данаԥысуаз диаахеит, уи иахҟьаны амашьына ааҳәит.
Аҭыԥ аҿы ашьаусҭҵааратә гәыԥ аус руеит. Иҟалаз амзызқәа рышьақәыргылара иаҿуп.