АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Адлери Шәачеи рвокзалқәа аԥхьагылара рымоуп 2024 шықәсазы ирыдыркылаз апассаџьырцәа рхыԥхьаӡарала. Абри атәы аанацҳауеит Нхыҵ-Кавказтәи аихамҩа апресс-маҵзура.
Ажьырныҳәа инаркны ԥхынгәынӡа Адлерынтәи иқәҵит 4,4 миллионҩык, Шәачантәи - 2,8 миллионҩык.
Нхыҵ-Кавказтәи аихамҩа авокзал дуқәа рҟынтәи ақалақь иаԥнуи ихароу аҭыԥқәеи рахь иқәҵит 25,8 миллионҩык апассаџьырцәа. Ари 11% рыла еиҳауп ииасыз ашықәс арбагақәа ирҿырԥшны.