АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Аԥсны АШәМ аусзуҩцәа аҳәааныртәылауаа закәаншьаҭада атәыла излалалоз амҩа аадырԥшит.
Гал араион Бгоура (уаанӡа- Аҩбатәи Отобаиа) иаанкылан Аԥсны анхаразы азиншәҟәы змаз, Қарҭ атәылауаа ҩыџьа — 60 шықәса зхыҵуа Ремикои 57 шықәса зхыҵуа Мурҭази Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа рыҩны аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа иаԥнуп. Дара закәаншьаҭада аҳәаа иахысыр зҭахыз ирыцхраауан ҳәа азгәанаҭоит АШәМ.
Мурҭази Ремикои Ҷыҭанаа рыҩны иԥшаан арҭҟәацгақәеи, 1,6 кьыла арԥжәагеи, ахқәеи, аԥареи.