Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа еиҭеиҳәеит иарбан школқәоу араион аҟны зеиҭашьақәыргылара иаҿу, ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара ҵарны ишыҟоу, сынтәа актәи аклассахь зшьаҿа еихызго рхыԥхьаӡара зеиԥшрахо, иарбан маҭәарқәоу арҵаҩцәа ахьырзымхо.
Аматематика, афизика, аурыс бызшәеи алитературеи рмаҭәарқәа рыла Гәдоуҭа араион ашколқәа рҿы арҵаҩцәа разымхара ыҟоуп, иҳәеит Ҳаразиа. Иара иазгәеиҭеит ақыҭаҟны аус зуа арҵаҩцәа транспортла реиқәыршәара азҵааразы уадаҩра шыҟам, хәыда-ԥсада уи ала ишеиқәыршәоу.
Хәаԥ, Дәрыԥшь, Гәдоуҭатәи ахәбатәи абжьаратә школқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Ашколқәа рҿы аҩнымаҭәа азымхара шыҟоу азгәеиҭеит, Ҳаразиа.
Сынтәа актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара, иахьазы ирымоу адыррақәа рыла, 474-ҩык ыҟоуп, ҵыԥх иаҿырԥшны 20-ҩык рыла еиҳауп, иҳәеит Ҳаразиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.