АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik. Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны аԥаҩ иаҿҟьаз аа-шықәса зхыҵуаз ахәыҷы дҭахеит.
Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, урыстәылантәи иааны зыԥсы зшьоз аҭаацәа аӡиа иахԥшыло рфото ҭырхон, уи аамҭазы рыҷкәын хәыҷы ахаҳә дықәҟьеит, 40 метра аҳаракыраҟынтә дкаҳаит.
Риҵатәи амилаҭтә парк аусзуҩцәа рыцхыраарала ахәыҷы дҭыргеит. Амашьына лас дақәҵаны Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь днаргеит, аха иԥсҭазаара далҵит.
Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаратә гәыԥ аҭыԥаҟны аус ауеит.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҟны иҭахаз ахәыҷы иҭаацәа аматериалтә цхыраара ҳәа 500 000 мааҭ рызшәахоит иҳәеит амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Иара убас ахәыҷы иԥсыбаҩ Нижни Новгород ахь агаразы ацхыраара ҟарҵоит иҳәеит Багаҭелиа.
"Ари азҵаара ахаҵгылара аиҭеит аԥыза-министр Александр Анқәаб. Уаҵәы ашәҟәқәа реиқәыршәара ҳалагоит, аматериалтә цхыраарагьы рыҭахоит", — иҳәеит иара.