Аԥсны

Аҟәа Наӡаӡе лымҩаду аҟны игылоу аҩны анхацәа рахыҵраз аԥара рзыршәеит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Аҟәа Наӡаӡе лыхьӡ зху амҩаду аҟны игылоу аҩны №3 аҭагылазаашьа ахьбааԥсу иахҟьаны 108-ҭаацәара ахыгахоит жьҭаара акы аҟынӡа. Дара рахыгаразы адҵа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.
Дара зегьы руадақәа рцынхәара аԥара рзыршәеит. Уи азы 2023 шықәсазы 284,6 миллион мааҭ азоужьын.
"Акомиссиа аус ауан. Инхоз зегьы руаҭахқәа рзы аԥарақәа рырҭахьеит. Аԥарақәа Аҟәа ахадара абиуџьет ахь инашьҭын, атәылауаа рзы акоммерциатә банкқәа рҿы хаҭалатә ԥхьаӡамҭақәа аартын дара ишырзыманшәалаз аиԥш. 108-ҩык ауадақәа рыԥшәмацәа аԥарақәа роуит", — иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Адҵа анагӡара хылаԥшра аиҭоит Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.