Аԥсны

Аихамҩатә аангыларҭақәа "Кьалашәыри" "Гагреи" атурист дәыӷбақәа рыдкылара иаздырхиоит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Аихамҩатә аангыларҭақәа "Кьалашәыри" "Гагреи" атурист дәыӷбақәа рыдкылара иаздырхиоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Раԥхьатәи атуристтә дәыӷбеи иаараны иҟоу "Риҵеи" рыбжьаҵаразы, Аԥсны аихамҩақәа рҟны жьҭаарамзазы аусурақәа мҩаԥаагеит иҳәеит Ҟәыруа.
Атурист дәыӷба "Риҵа" Аԥсныҟа сынтәа знык иаауеит жьҭаара 18 рзы абри амаршрут ала: Москва–Новороссиск–Гагра–Аҟәа–Шәача–Ростов-Донтәи–Москва .