Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: зныҟәара ԥку ахәыҷқәа анҭыҵтәи аҳақьымцәа ирырҭаз ацхыраара атәы

Sputnik
Зныҟәара ԥку аԥснытәи ахәыҷқәа 11-ҩык ԥырҟеит анҭыҵынтә иааз аҳақьымцәа. Уи алыршахеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи афонд "Ашанеи" еицымҩаԥырго акциа иабзоураны. Георги Чибиров, Заза Хугаев, Маирбек Ԥлиев, Роланд Бичмонов Аахыҵ Уаԥстәыла иалҵыз роуп, аха урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа рҟны аус руеит.
Аҳақьымцәа даҽа жәԥҟарак азгәарҭоит. Урҭ мҩаԥгахоит ушьҭантәи раара аан.
Ахәыҷтәы республикатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа нызыгӡо Инесса Камлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит анҭыҵынтә иааз аҳақьымцәеи дареи русеицура шеиҿкааз, ахәыҷқәа аԥҟара иахысыз ргәабзиара ахьынӡашьақәыргылахо атәы.
Лара иазгәалҭеит ахәыҷқәа рымаха-рышьаха еиҭаҵуа иҟаларц, ргәабзиара ашьақәыргылара имариам усны ишыҟоу, аԥхьаҟагьы ацхыраара шырҭаху.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.