Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Покровтәи ахырхарҭаҿы аиланхарҭа Межевое ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны Покровтәи ахырхарҭаҿы аиланхарҭа Межевое ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит 138 раион рҿы аруааи аибашьыгатә техникеи.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа рыла икарыжьит Украина арбџьармчқәа рҳаирплан МиГ-29, авиациатә бомбақәа Hammer хԥа, 11 реактатә хгәыцә HIMARS, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 91, урҭ рҟынтәи 53 арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа анҭыҵ.
Аоперациа ҷыда иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 640 , авертолиотқәа 282, аԥырҩы дызҭам ахархәага 30 346, азениттә ракетатә комплексқәа 575, 17352 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи, 13 530 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 25 014.