Аԥсны

Витали Шариа игәаларшәараз иҭыҵит иара редакторс дызмаз агазеҭ "Эхо Абхазия" анмер ҷыда

Ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла алахәыла Витали Шариа 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 14 рзы.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik. Ажурналист Витали Шариа игәалашәараз, идунеи иԥрсахижьҭеи ҩынҩажәа мшы азы иҭыҵит агазеҭ "Эхо Абхазия" аҭыжьымҭа ҷыда ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Аномер аҿы еидкылоуп Витали Шариа Аԥсны АИХ-қәа рҟны икьыԥхьымҭақәа, еиуеиԥшым ахҭысқәа ириҭахьаз ахҳәаақәа, изанааҭтә мҩа аазырԥшуа аматериалқәа.
Аномер ҷыда аҭыжьра иаԥшьгамҭоуп Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
"Витали Шариа агазеҭ "Эхо Абхазия" дашьаҭаркҩын, редакторс даман, убри инамадан ари еиԥш ахшыҩҵак сызцәырҵит. 1994 шықәса раахыс агазеҭ ҭыҵуан. Ари аамҭа дууп ихьыԥшым аԥсуа кьыԥхь азы. Витали Шариа иахьа дҳалагылам. Исҭаххеит абри аномер ала ари аамҭагь ахыркәшара", – ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Агазеҭ аиқәыршәараҿ исыцхрааит "Апснымедиа" аҟынтәи ҳколлегацәеи "Республика Абхазия" атипографиеи ҳәа иҳәеит Ҳашыг.