Аԥсны

Аҵара аминистрра Аԥсны иҭыҵыз арҵагашәҟәқәа ршара иалагеит

Аҭыжьымҭақәа иреиуоуп ашкол иҭамлац рзы ашәҟәы "Аҟәыбҷа", азыҟаҵаратә классқәа рырҵаҩцәа рзы ацхыраагӡа.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы Аҵара аминистрра ареспубликаҿы иҭыжьу ашәҟәқәа араионқәа аҵара ҟәшақәа ирзеихыршо иалагеит.
"Сынтәа 15 000 рҟынӡа арҵага шәҟәқәа рыҭахоит. Раԥхьаӡа акәны иалагалоуп аидкыла "Аҟәыбҷа". уахь иаҵанакуеит анбан, алакәқәа, альбом уҳәа егьырҭгьы. Еихшахоит азыҟаҵаратә классқәа рырҵаҩцәа рзы ацхыраагӡа", - ҳәа иҳәеит Аҵара аминистрра ауаажәларра рнырразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Иара иазгәеиҭеит, аҵарашықәс аламҭалазы арҵага шәҟәқәа рзы ауадаҩрақәа шыҟалало. Убри инадҳәаланы ашәҟә ҿыцқәа аҭаацәа рзы ихәарҭахоит.
"Еилаҳкаауеит иҟоу аҭахрақәа шҳазхамырҭәаауа, аха азҵаара ықәгахап ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит Қәҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҵара аминистрреи Урыстәыла аҵара аминистрреи аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит ҳреспубликаҿы арҵага шәҟәқәа разымхара азҵаара аӡбаразы.