Аԥсны

Гагра араион аҿы амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ааха роуит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik. Гагра араион аҿы амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны ҩыџьа ауаа ахәшәтәырҭахь инагоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, арымарахьтәи абжьаларҭаҿ Chery Tiggo 7 ныҟәызцоз аԥҳәыс BMW иақәтәаз амҩа илымҭеит.
Аныҟәцаҩцәа рҩыџьагьы ахәшәтәырҭахь иргеит. Руаӡәк абҩаԥҵәа имоуп, аха иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам ҳәа иҳәеит Аҩӡба.
Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа аус руеит.