Аԥсны

Кәарҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭаларазы алԥшаарақәа шымҩаԥгаз атәы

Sputnik
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Аԥсны аҵара аминистрреи Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭаларазы имҩаԥырго абитуриентцәа ралԥшааразы аквотатә кампаниа хыркәшоуп.
Аквотатә программала 2024-2025 шықәсазтәи аҵарашықәс азы Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа 93–ҩык ҭалеит 267-ҩык арзаҳалқәа назышьҭыз рҟынтә. Даҽа азыҳәақәа жәба аус рыдулара цоит ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аганахьала аусутә гәыԥ иалахәыз Ада Кәарҷелиаԥҳа.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.