Нанҳәа 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. 16 шықәса раԥхьа Урыстәыла усҟантәи ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти, егьырҭ ишьаҭаркыратәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.
Шаҟа ҳажәлар рҳәынҭқарра аҳаҭыр рзышьҭыхуа, аԥсадгьыл ахь агәыбылра, абзиабара рзаарԥшуа аҟара, егьырҭ амилаҭқәагьы ҳаҩаӡара гәаҭаны иаҳхаҵгылоит, аха рыцҳарас иҟалаз ҳбызшәа, ҳхы агәрагара ҳацәмаҷушәа ҳаҟоуп иахьа, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараан аҭоурыхҭҵааҩ Габелаиа.
"Маҷк ҳҭоурых, иҟаз аполитикатә процессқәа иашамкәа ҳрыхцәажәо ҳалагеит. Нас ани асасгьы ибоит, иаҳауеит. Арҭ усҟак игәцаракны иазнеиӡом рҳәынҭқарра рҳәоит. Усҟан ауп ианцәырҵуа азҵаарақәа "Урыстәыла шәалалар еиӷьӡами?", ма "Даҽа ҳәынҭқаррак шәҽадашәкылар, шәхы шәзымбар?". Абри зегьы ҳара ҳами изырҿио дара алацәажәартә еиԥш. Ус еиԥш ҟамларц Аԥсны иаҭаауа еиуеиԥшым ауаа рҿаԥхьа, ма ҳара аҽаџьара ҳаныҟоу маҷк абри аҵәыуаратә процесс - "иҳалшом, иаҳзымҩаԥгар ҟалап, иаҳзыхьчома, ҳхала иаҳзыҟаҵома, ҳадгьылқәа ҳхала ҳазықәаарыхома". Иулшароуп, мамзар ахьыԥшымра аныҟәгара даара ицәгьоуп. Ара зҵаарак ауп иқәгылоу - аҭакԥхықәра. Уи ргеит Аԥсны жәлар. Еиҭа аџьабаа батәуп ахьыԥшымра аизырҳаразы, аихаҳаразы", - иҳәеит Габелаиа.
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.