https://sputnik-abkhazia.info/20240826/khra-zlou-akhysa-gabelaia-asny-akhyshymra-zhlarbzharati-azkhaara-iazkny-1052091491.html
Хра злоу ахҭысқәа: Габелаиа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Габелаиа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара ҭыԥс ианнакыло ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рыҿиаразы, ҭакԥхықәрас иацу, жәларыкны ҳхеиқәырхаразы аҵакы, арадио Sputnikаефир... 26.08.2024, Sputnik Аҧсны
2024-08-26T13:36+0300
2024-08-26T13:36+0300
2024-08-26T13:36+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052091599_0:0:1498:844_1920x0_80_0_0_e3a6836ce103aea70d2b61d9ce0f4291.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Габелаиа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Габелаиа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иазкны
Нанҳәа 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. 16 шықәса раԥхьа Урыстәыла усҟантәи ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти, егьырҭ ишьаҭаркыратәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.Шаҟа ҳажәлар рҳәынҭқарра аҳаҭыр рзышьҭыхуа, аԥсадгьыл ахь агәыбылра, абзиабара рзаарԥшуа аҟара, егьырҭ амилаҭқәагьы ҳаҩаӡара гәаҭаны иаҳхаҵгылоит, аха рыцҳарас иҟалаз ҳбызшәа, ҳхы агәрагара ҳацәмаҷушәа ҳаҟоуп иахьа, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараан аҭоурыхҭҵааҩ Габелаиа."Маҷк ҳҭоурых, иҟаз аполитикатә процессқәа иашамкәа ҳрыхцәажәо ҳалагеит. Нас ани асасгьы ибоит, иаҳауеит. Арҭ усҟак игәцаракны иазнеиӡом рҳәынҭқарра рҳәоит. Усҟан ауп ианцәырҵуа азҵаарақәа "Урыстәыла шәалалар еиӷьӡами?", ма "Даҽа ҳәынҭқаррак шәҽадашәкылар, шәхы шәзымбар?". Абри зегьы ҳара ҳами изырҿио дара алацәажәартә еиԥш. Ус еиԥш ҟамларц Аԥсны иаҭаауа еиуеиԥшым ауаа рҿаԥхьа, ма ҳара аҽаџьара ҳаныҟоу маҷк абри аҵәыуаратә процесс - "иҳалшом, иаҳзымҩаԥгар ҟалап, иаҳзыхьчома, ҳхала иаҳзыҟаҵома, ҳадгьылқәа ҳхала ҳазықәаарыхома". Иулшароуп, мамзар ахьыԥшымра аныҟәгара даара ицәгьоуп. Ара зҵаарак ауп иқәгылоу - аҭакԥхықәра. Уи ргеит Аԥсны жәлар. Еиҭа аџьабаа батәуп ахьыԥшымра аизырҳаразы, аихаҳаразы", - иҳәеит Габелаиа.Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052091599_165:0:1498:1000_1920x0_80_0_0_0da18cc3ce157caef5de28f03696cb8b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Габелаиа Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иазкны
Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара ҭыԥс ианнакыло ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рыҿиаразы, ҭакԥхықәрас иацу, жәларыкны ҳхеиқәырхаразы аҵакы, арадио Sputnikаефир аҟны далацәажәеит аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа.
Нанҳәа 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. 16 шықәса раԥхьа Урыстәыла усҟантәи ахада Дмитри Медведев, аԥсуеи ауаԥси жәларқәа рхы иақәиҭны иаадырԥшыз ргәаҳәара дазхьаԥшны, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәеи, жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ахыркәшаратә акти, егьырҭ ишьаҭаркыратәу жәларбжьаратәи ашәҟәқәеи шьаҭас иҟаҵаны инапы аҵаиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рхьыԥшымра шазханаҵо азы ақәҵарақәа.
Шаҟа ҳажәлар рҳәынҭқарра аҳаҭыр рзышьҭыхуа, аԥсадгьыл ахь агәыбылра, абзиабара рзаарԥшуа аҟара, егьырҭ амилаҭқәагьы ҳаҩаӡара гәаҭаны иаҳхаҵгылоит, аха рыцҳарас иҟалаз ҳбызшәа, ҳхы агәрагара ҳацәмаҷушәа ҳаҟоуп иахьа, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараан аҭоурыхҭҵааҩ Габелаиа.
"Маҷк ҳҭоурых, иҟаз аполитикатә процессқәа иашамкәа ҳрыхцәажәо ҳалагеит. Нас ани асасгьы ибоит, иаҳауеит. Арҭ усҟак игәцаракны иазнеиӡом рҳәынҭқарра рҳәоит. Усҟан ауп ианцәырҵуа азҵаарақәа "Урыстәыла шәалалар еиӷьӡами?", ма "Даҽа ҳәынҭқаррак шәҽадашәкылар, шәхы шәзымбар?". Абри зегьы ҳара ҳами изырҿио дара алацәажәартә еиԥш. Ус еиԥш ҟамларц Аԥсны иаҭаауа еиуеиԥшым ауаа рҿаԥхьа, ма ҳара аҽаџьара ҳаныҟоу маҷк абри аҵәыуаратә процесс - "иҳалшом, иаҳзымҩаԥгар ҟалап, иаҳзыхьчома, ҳхала иаҳзыҟаҵома, ҳадгьылқәа ҳхала ҳазықәаарыхома". Иулшароуп, мамзар ахьыԥшымра аныҟәгара даара ицәгьоуп. Ара зҵаарак ауп иқәгылоу - аҭакԥхықәра. Уи ргеит Аԥсны жәлар. Еиҭа аџьабаа батәуп ахьыԥшымра аизырҳаразы, аихаҳаразы", - иҳәеит Габелаиа.
Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.