Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу иазкны

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион иаҵанакуа ашколқәа аҵарашықәс ҿыц ихьынӡазыҟаҵоу атәы.
Sputnik
Аиҿцәажәараҿы дырзааҭгылеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо ртәы. Илҳәеит ашколқәа иахәҭоу ҩнымаҭәала реиқәыршәара азҵаара хшыҩзышьҭра ахьынӡаҭоу атәы.
Ашәҟәқәа ракәзар, имаҷымкәа арҵагатә шәыҟәқәа шрырҭазгьы урҭ рхыԥхьаӡара азхом, ахәыҷқәа зегьы еиқәыршәахарцаз ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ажьиԥҳа.
"Аҵара аминистрраҿы ишьҭоуп арзаҳал, шаҟа ашәыҟәқәа ҳагу. Мызқәак ирҭагӡаны ишҳауа азы агәра ҳдыргоит, аха аҵарашықәс алагамҭазы иҳамоу рызшахоит ахәыҷы рацәа змоу, зҭагылазаашьа хьанҭоу аҭаацәарақәа", - ҳәа лҳәеит Ажьиԥха.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.