https://sputnik-abkhazia.info/20240827/atylauai-aiabyrei-azhia-aarashys-yts-ishazyaou-iazkny--1052069193.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу иазкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу иазкны
Sputnik Аҧсны
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион иаҵанакуа ашколқәа аҵарашықәс ҿыц ихьынӡазыҟаҵоу атәы. 27.08.2024, Sputnik Аҧсны
2024-08-27T10:40+0300
2024-08-27T10:40+0300
2024-08-27T10:40+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/18/1052080510_0:163:750:585_1920x0_80_0_0_45c4c5ff9ad61c4acf33fddea43fd5ee.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу иазкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу иазкны
Аиҿцәажәараҿы дырзааҭгылеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо ртәы. Илҳәеит ашколқәа иахәҭоу ҩнымаҭәала реиқәыршәара азҵаара хшыҩзышьҭра ахьынӡаҭоу атәы.Ашәҟәқәа ракәзар, имаҷымкәа арҵагатә шәыҟәқәа шрырҭазгьы урҭ рхыԥхьаӡара азхом, ахәыҷқәа зегьы еиқәыршәахарцаз ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ажьиԥҳа."Аҵара аминистрраҿы ишьҭоуп арзаҳал, шаҟа ашәыҟәқәа ҳагу. Мызқәак ирҭагӡаны ишҳауа азы агәра ҳдыргоит, аха аҵарашықәс алагамҭазы иҳамоу рызшахоит ахәыҷы рацәа змоу, зҭагылазаашьа хьанҭоу аҭаацәарақәа", - ҳәа лҳәеит Ажьиԥха.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/18/1052080510_0:92:750:655_1920x0_80_0_0_6221f2da5ab95e5e37adb1751426b2cd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ажьиԥҳа аҵарашықәс ҿыц ишазыҟаҵоу иазкны
Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион иаҵанакуа ашколқәа аҵарашықәс ҿыц ихьынӡазыҟаҵоу атәы.
Аиҿцәажәараҿы дырзааҭгылеит ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо ртәы. Илҳәеит ашколқәа иахәҭоу ҩнымаҭәала реиқәыршәара азҵаара хшыҩзышьҭра ахьынӡаҭоу атәы.
Ашәҟәқәа ракәзар, имаҷымкәа арҵагатә шәыҟәқәа шрырҭазгьы урҭ рхыԥхьаӡара азхом, ахәыҷқәа зегьы еиқәыршәахарцаз ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ажьиԥҳа.
"Аҵара аминистрраҿы ишьҭоуп арзаҳал, шаҟа ашәыҟәқәа ҳагу. Мызқәак ирҭагӡаны ишҳауа азы агәра ҳдыргоит, аха аҵарашықәс алагамҭазы иҳамоу рызшахоит ахәыҷы рацәа змоу, зҭагылазаашьа хьанҭоу аҭаацәарақәа", - ҳәа лҳәеит Ажьиԥха.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.