Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Гындиа Очамчыра араион ашколқәа аҵарашықәс ҿыц разыҟаҵара атәы

Sputnik
Очамчыра араион ашколқәа аҵара ашықәс ҿыц иахьынӡазхиоу, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо, арҵага шәҟәқәеи маҭәахәылеи ашколқәа реиқәыршәара азҵаара шырӡбо, актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа сынтәа рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо, иарбан маҭәарқәоу арҵаҩцәа разымхара ахьыҟоу, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиа.
Сынтәа Очамчыра араион ашколқәа рахь раԥхьаӡа акәны зшьаҿы еихызго 177-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп, ари ахыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи хышықәса уамак аҽеиҭанамкит ҳәа иҳәеит Гындиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.