Аԥсны

Урыстәыла ақәшаҳаҭуп Аԥсни Урыстәылеи ҩынтәны ашәахтәқәҵараз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 — Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра азакәанԥҵаратә усуразы акомиссиа ақәшаҳаҭхеит Аԥсни Урыстәылеи ҩынтәны ашәахтәқәҵара аԥыхразы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара.
Лаҵара 7 2024 шықәсазы Аҟәа анапы зҵеиҩыз ашәҟәы иазԥхьагәанаҭоит:
Адивидендқәеи ароиалтиқәеи реиԥш иҟоу ахашәалахәы азы иаку ашәахтә 10% рҟынӡа.
Апроценттә хашәалахәы иадҳәаланы ахашәалахәы ахыҵхырҭақәа рҿы ашәахтә ақәҵара аҟынтәи ахақәиҭтәра. Апроцентқәа рзы ашәахтәқәа ауал зҭаз аҳәынҭқарра абиуџьет ахь ишәахоит.
Аргылара ахьымҩаԥысуа атәылаҿы аргылаҩцәа 18 мзы рыҩнуҵҟа ахашәалахәы ашәахтә ршәара аҟынтәи ахақәиҭтәра. Ацхырааратә аамҭа аҩнуҵҟа, ашәахтә ашәара ахьынхо атәылаҿы мацара ауп.
Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәахоит ашықәс нҵәаанӡа.