Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Камышевка ақыҭа ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 28 – Sputnik. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа Камышевка ақыҭа ахы иақәиҭыртәит, Покровтәи ахырхарҭала Украинатәи Арбџьармчқәа ахьыҟоу ала анасҟьара иаҿуп.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иаанацҳауеит:
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит аҳәаанырцәынтәи қьырала Украина еибашьуа аруаа рҭыԥ. Иара убас, 148 раион рыҟны иҭархоуп аӷа ируааи арратә техникеи.
Аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа иҭадырхеит Франциа иҟаҵоу ҩ-бомбак Hammer, Америка иҭыжьу х-ракетак HIMARS, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 49.
Иҷыдоу арратә аоперациа иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 640 , авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәага 30 613, азениттә ракетатә комплексқәа 575, 17 589 танки еиуеиԥшым аибашьыга техникеи, 13 720 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 25 312.