Аԥсны

Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадараз Аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik. Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадараз Аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп.
Абри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2024 шықәса нанҳәа 29 рзы.
Алхас Ҷолокәуа 2005 - 2011 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадараз Аусбаҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан, 2011 - 2014 шш. рзы — АТ адиректорс, уи ашьҭахь аилахәыра "Амобаил" аҿы аус иуан. 2020 шықәса лаҵарамза инаркны 2021 шықәса жьҭаарамзанӡа напхгара аиҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадараз Аусбаҭа.
2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсуа драматә театр адиректорс даҭан.