Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы диԥылеит

Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә маҵзура аҳәаахьчаратә хылаԥшра Адепартамент аиҳабыс уаанӡа дыҟан Андреи Кудимов.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Сергеи Шьедрин диԥылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа инадҳәаланы амаҵзура аусура аҵакы шамоу.
"Аԥснытәи шәколлегацәа еснагь ишәывагылоуп, ишәҩызцәа иашақәоуп", — ҳәа иҳәеит Бжьаниа.