Аԥсны

Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу агәашьаркыра аиԥш зеиԥшу Уфа ианаартхо арыцхә еилкаауп

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу агәашьаркыра аиԥш зеиԥшу Уфа иаартхоит Башкортосҭан ареспублика амш аҽны жьҭаарамза 11 рзы.
Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Башкортосҭан ахада Радии Хабиров.
"Башкортосҭан ареспублика амш аҽны жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны ахадеи аҟәантәи аделегациеи ҳарзыԥшуп. Ари агәашьаркыра еицааҳартуеит", — иҳәеит Хабиров.
Идыргылараны иҟоу агәашьаркыра аҭыԥ аҿы раԥхьатәи ахаҳә шьҭаҵан 2023 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Уфа усутә ныҟәарыла даныҟаз. Иахьа, нанҳәамза 30 рзы Аслан Бжьаниа Уфа 450 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәхаразы Башкортосҭан даҭааит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Башкортосҭан аҳҭнықалақь Уфа 450 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәхоит