Аԥсны

Аршба Аԥсны ахыбрақәа абылрақәа иахьынӡарцәыхьчоу иазкны

Sputnik
Асоциалтә обиектқәа рҟны абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо аилкааразы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра имҩаԥнагаз агәаҭарақәа рылҵшәақәа ртәы еиҭеиҳәеит АҶА абылраҽацәыхьчара-хылаԥшратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аркади Аршба.
Гагра араион аҟны 400 инареиҳаны асасааирҭақәа гәаҭан, урҭ идырҽеиша агхақәа 3000 нызқь рҟынӡа инаӡоит — амцарцәагақәа, абылра ишалагаз азы адырра узҭо ахархәагақәа рыҟамзаара уҳәа, иҳәеит Аршба.
Аилагарақәа рзы сынтәа апрокуратурахь ишьҭу ашәҟәқәа 800 рҟынӡа инаӡоит, иҳәеит АҶА абылраҽацәыхьчара-хылаԥшратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. Иара иазгәеиҭеит аилагара рацәа змоуи еилагара хәыҷык змоуи ирықәу ахараԥсақәа шеиԥшу, уи аҭагылазаашьа, хымԥада, аԥсахра шаҭаху.
Аицәажәара инеиҵыхны шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik арадиостудиаҟны иҭыхыз авидеонҵамҭаҿы.