Аԥсны

Аслан Бжьаниа Башкортосҭан аҳҭнықалақь Уфа 450 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәхоит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Башкортосҭан аҳҭнықалақь Уфа 450 шықәса ахыҵраз ауснагӡатәқәа дрылахәхоит.
Аҳаирбаӷәазаҿы Аԥсны ахада диԥылеит Башкортосҭан ахада Радии Хабиров.
Бжьаниеи Хабирови аусутә еилацәажәарақәа рзы еиԥылараны иҟоуп, иара убас аҟәатәи агәашьеибаркыра аҩыза дыргылараны иахьыҟоу аҭыԥ ахь рнеира азгәаҭоуп.