Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: асоциалтә хыбрақәа абылра иахьынӡацәыхьчоу агәаҭарақәа рылҵшәа атәы

Sputnik
Асоциалтә обиектқәа рҟны абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа иахьынӡарықәныыҟәо аилкааразы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнакцәа. Агәаҭарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еилкаан шаҟа еилагара ыҟоу, анаҩс урҭ раԥыхразы аобиекқәа рыԥшәмацәа рнапы ианҵан аус арҽеира. Аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ҵыԥх аилагарақәа ахьаарԥшыз аобиектқәа рҟны сынтәа аԥҟара иахьынӡақәныҟәо уҳәа еиҭеиҳәеит АҶА абылраҽацәыхьчара-хылаԥшратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аркади Аршба.
Иара иажәақәа рыла, абылраҽацәыхьчаразы аҭагылазаашьа зынӡаскгьы ихьысҳауп ҳәа узҳәом, араионқәа рҟны аҭагылазаашьақәагьы еиԥшым. Убас Гагра араион аҟны 400 инареиҳаны ахыбрақәа гәаҭан, урҭ идырҽеиша агхақәа 3000 нызқь цыра рҟынӡа инаӡоит- амцарцәагақәа, абылра ишалагаз азы адырра узҭо ахархәагақәа рыҟамзаара уҳәа, иҳәеит Аршба.
Аилагарақәа рзы сынтәа апрокуратурахь ишьҭу ашәҟәқәа 800 рҟынӡа инаӡоит, иҳәеит АҶА абылраҽацәыхьчара-хылаԥшратә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ. Иара иазгәеиҭеит аилагара рацәа змоуи еилагара хәыҷык змоуи ирықәу ахараԥсақәа шеиԥшу, уи аҭагылазаашьа, хымԥада, аԥсахра шаҭаху.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.