Аԥсны

Аслан Бжьаниа Уфа имҩаԥгаз "Аамҭа акапсула" ашьҭаҵара аусмҩаԥгатә аҿы дықәгылеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Уфа 450 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа дрылахәуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Уфа имҩаԥгаз "Аамҭа акапсула" ашьҭаҵара аусмҩаԥгатә аҿы еиҵагыло абиԥарақәа рахь ааԥхьара ҟаҵо дықәгылеит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит, аацҳамҭа аҵакы хада "ажәларқәа реиҩызара, еиҵагыло абиԥарақәа аԥхьаҟа реинҭәылараз аҳәынҭқаррақәа ҭынч реицынхара" шакәу.
"Ҳреспубликақәа реизыҟазаашьақәа аиҩызаратә ҟазшьа рымоуп, аринахысгьы активла аҿиара иаҿуп, гәахәарыла аиубилеи шәыдысныҳәалоит Уфа ақалақьи Башкортосҭани инхо зегьы", — иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Аԥсны ахада Уфа 450 шықәса ахыҵра азгәаҭараз Башҡортосҭанҟа дцеит нанҳәа 30 рзы. Уи аҽны Уфа имҩаԥысит ареспублика ахада Ради Хабирови иареи реиԥылара.