АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 16 шықәса ахыҵра иазку агәыҳалалратә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Гал араион инхо шәҩык инареиҳаны ауааԥсыра рыблақәа гәарҭеит.
Акциа аиҿкааҩ, Аблазы аԥҟарамаҷ ацентр "Абла" аҳақьым хада Анна Ақаҩԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, аӡәырҩы раԥхьаӡа акәны аглаукома шрымоу ааԥшит, ашьақарчымазара змоу ачымазцәа рылаԥшра ауадаҩрақәа шьақәырӷәӷәаан.
Ахәыҷқәа рацәаҩын, дара аиҳараҩык агаџьетқәа ирыхҟьаны ауадаҩрақәы зызцәырҵыз роуп.
"Ҳара абжьгарақәеи амҩақәҵарақәеи раҳҭеит, аӡәырҩы ҳара ҳцентр ахь инеиуеит уаҟа иаҭаху алазерла аԥҟара мҩаԥаагоит. Уажәы ара иҳалшоз ацхыраара ҟаҳҵеит. ҳақәгәыӷуеит аҭыԥантәи ахадара ҳареи, ахәыҷкәа рыблақәа агәаҭараз акабинет аартра ҳалшап", – ҳәа азгәалҭеит Ақаҩԥҳа.