Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Кирово ақыҭа ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецк, Торецк ахырхарҭала Кирово ақыҭа ахы иақәиҭыртәит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иаанацҳауеит:
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит Америка иҭрыжьуа аракетатә шьақәгылақәа М270 MLRS, иара убас ааха рыҭоуп: аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахьеибырҭоз ацех, аракета-артиллериатә бџьар ашьҭааҵарҭа, 135 раион рыҟны аруааи аибашьыгатә техникеи.
Аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа уахыкала иҭадырхеит Америка иҟаҵоу оператив-тактикатә бомбақәа ATACMS - 4, Франциа иҟаҵоу ф-бомбак Hammer, ареактивтә хгәыцәқәа Vampire - 6, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа - 48.
Иҷыдоу арратә аоперациа иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 641, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәага 30 749, азениттә ракетатә комплексқәа 575, 17 790 танки еиуеиԥшым аибашьыгатә техникеи, 13 846 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 25 474.