Аԥсны

Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз 24 ҭаацәара ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа роуит

Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз 24 ҭаацәара ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа роуит. Абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы.
Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылареи" Аҳәынҭеилаки ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахархәарахь иаҭан Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз ауадарацәа змоу аҩнеихагыла.
Анхарҭа ҭыԥқәа зауа рсиаҿы иҟоуп зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз 380 ҭаацәара.
Ашықәс нҵәаанӡа, даҽа х-еихагылак змоу хыбрак аргылара ахыркәшара азгәаҭоуп, 2025 шықәсазы х-ҩнык ахархәарахь ирыҭахоит.