Аԥсны

Бжьаниа: Беслантәи ахлымӡаах еиқәымтәо хьаауп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik. Аԥсуа жәлар Беслан иҟалаз ахлымӡаах ҩажәа шықәса ахыҵра иазкны Нхыҵ Уаԥстәыла ажәлар рхьаа гәалсра дула ирыцеиҩыршоит.
Абри атәы иҳәеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа ҭелла Нхыҵ Уаԥстәыла ахада Сергеи Мениаило даниацәажәоз.
"Ҳара иаҳус хаданы иҟоуп ҳамчқәа зегь еидҵаны, иҳалшо зегь аҟаҵара, ари ахҭыс аҩыза уаҳа иҟамларцаз", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Цәыббра 1 2004 шықәсазы Нхыҵ Уаԥстәыла Беслантәи актәи ашкол гәыԥҩык атеррористцәа ақәлеит аныҳәатә цәаҳәа амҩаԥгараан. 1200-ҩык инареиҳаны шасыс иааныркылеит, урҭ реиҳараҩык хәыҷқәан. Дара мчыла хымш ашкол иҩнакны ирыман фатәыда, арыжәтәгьы иналаршәны иддыржәон. Ари ихлымӡааххаз ахҭыс иалаӡит 334-ҩык, урҭ рахьынтә 186-ҩык ахәыҷқәа.