Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны Птичие ақыҭа ахы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 1 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР аҟны Птичие ақыҭа ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит Израиль иҭыжьу аҳауатә цклаԥшратә арадартә станциа РПС-42, Харков аобласт аҟны аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ахьеибырҭоз ауасҭарҭеи иахьгылаз аҭыԥи, иара убас 133 раион рыҟны аруааи аибашьыгатә техникеи.
Аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа иҭадырхеит Франциа иҭыжьу х-бомбак Hammer, Америка иҟаҵаз ф-ракетак HIMARS, ареактивтә хгәыцәқәа Vampire, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа - 171.
Иҷыдоу арратә аоперациа иалагазар, иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 641, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәага 30 920, азениттә ракетатә комплексқәа 575, 17 801 танки еиуеиԥшым аибашьыгатә техникеи, 13 898 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 25 501.