Аԥсны

Аԥҳәыс дҭахеит Аҩада Ешыра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Аԥҳәыс дҭахеит Аҩада Ешыра иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны.
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, заанаҵтәи адыррақәа рыла, 1989 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаԥҳәыс лцәаҳәа даныҵны лаԥхьа ицоз амашьынақәа драԥысны ддәықәлеит.
Аԥсҟы лызнымкалеит, егьи ацәаҳәала иааиуаз амашьына дасит.