Аԥсны

Курсктәи аобласт ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аидкыларазы акциа рылаҳәоуп Аԥсны

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Курсктәи аобласт ауааԥсыра рзы агуманитартә цхыраара аидкыларазы акциа рылаҳәоуп Аԥсны.
Лассы иԥхасҭамхо афатә рыдыркылоит — ашыла, ашьақьар, ахрыӷ, аконсервқәа, аӡыржәтә, амаҭәақәа.
Агуманитартә цхыраара рыдыркылоит Аԥсны АҶА ахыбраҟны, Аконфедератцәа рымҩа, 12, аусутә мшқәа рзы асааҭ 09:00 инаркны 18:00 рҟынӡа.