Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Ахьыԥшымра азхаҵара амш, Бжьаниа Уфа дыҟоуп, Баста – Аԥсны

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит нанҳәа 26 инаркны цәыббра 1 аҟынӡа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Аԥсны ахьыԥшымра Амш шазгәарҭаз, арепер Баста Аԥсны ишиԥылаз, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Уфа 450 шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дышрылахәыз, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа анапрыҵаҩра уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Жәларызегьтәи аныҳәа

Нанҳәа 26 азы Аԥсны иазгәарҭеит ахьыԥшымра Амш. Ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҿы имҩаԥган ауснагӡатәқәа.
Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Аҟәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аиуижьҭеи 16 шықәса аҵра инамаданы.
Аусмҩаԥгатә иалахәын аиҳабыра рхаҭарнакцәа, адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Константин Затулин.
Ахьыԥшымраз ашәҟәынҵа знапы аҵазҩыз, иахьа Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи ҭелла еицәажәеит.
Бжьаниа Медведев иеиҳәеит Аԥсны ажәлар ахааназгьы ишырхамшҭуа хаҭала иара илагала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аус аҿы.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны дықәгылеит артист Баста. Аконцерт мҩаԥысит астадион "Динамо" аҿы, Аҟәа. Арахь иааиит зықьҩыла ареспублика ауааԥсыра. Арепер иашәақәа ицырҳәон еизаз.
Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар ирыдиныҳәалеит Ахьыҧшымра азхаҵара 16 шықәса ахыҵра амш.
"Шәышықәсала ҳаззыҧшыз, ҳзеиҧхыӡуаз ахҭыс нагӡахеит — адунеижәларбжьара иазхаҵоу ҳхатәы ҳәынҭқарраҿы анхара-анҵыра. Ҭоурыхла иамоу аҵакы ҳасаб азуны, ҳтәылауаа ари амш ҷыдала бзиа ирбоит, пату рзақәуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира амш ашьҭахь", — иҳәеит ахада, Аҟәа аконцерт аан дықәгыло.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иҳәеит нанҳәа 26 2008 шықәса азы Урыстәыла ишхацнаркыз Аԥсны исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарраны жәларбжьаратәи азхаҵара аиура.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара 16 шықәса ахыҵра инамаданы Приднестровие имҩаԥысит аиԥылара.
Уахь ааԥхьара рыҭан Приднестровтәи адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Бендери ақалақь жәлар рдепутатцәа Рхеилаки рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа.

Ахада иҟны адкылара

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Сергеи Шьедрин диԥылеит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы диԥылеит
"Аԥснытәи шәколлегацәа еснагь ишәывагылоуп, ишәҩызцәа иашақәоуп", — ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа инадҳәаланы амаҵзура аусура аҵакы шамоу.

Аԥсны Башкортосҭан

Аԥсны ахада Уфа 450 шықәса ахыҵра азгәаҭараз Башҡортосҭанҟа дцеит нанҳәа 30 рзы. Уфа аҳаирбаӷәазаҿы иара диԥылеит ареспублика ахада Ради Хабиров.
Жәларбжьаратәи аусеицурақәа рырӷәӷәареи еицырзеиԥшу апроектқәа рымҩаԥгареи ирылацәажәеит Аслан Бжьаниеи Радии Хабирови русутә еиԥылараан.
Башкортосҭан ахада еиҭеиҳәеит Аԥсни Башкортосҭани иааиуа ашықәсқәа рзы русеицура арҭбааразы амҩангага шаздырхио.
"Ҳусеицураҿы ихадоу хырхарҭаны иҟоуп атуризм. Ииасыз ашықәс азы башкортосҭантәи атәанчаҩцәа апрограмма "Абашкир-аԥсуа шықәсынҵыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иаҭааит. Даара агәахәара роуит. Убри азы ҳазыԥшуп Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра, Уфеи Аҟәеи еимаздо ареис бжьалар атуристцәа рхыԥхьаӡара еизҳауеит", — иҳәеит Хабиров.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәылақәа рыбжьара аилахәаахәҭра шыҭбаахаз.
Уфа аргылара иаҿуп аҟәатәи агәашьеибаркыра аҩыза, иазгәаҭоуп Ареспублика Башкортосҭан Амша, жьҭаара 11 азы иаадыртырц.

Лукашенко иубилеи

Беларусиа ахада Александр Лукашенко 70 шықәса ихыҵит нанҳәа 30 азы.
Аслан Бжьаниа Александр Лукашенко ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Беларуссиа ахада ԥхьагылаҩык иҳасабала имоу аҟазшьа ҷыдақәа, имч ӷәӷәа, ижәлар ринтересқәа рыхьчара.
"Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит жәларбжьаратәи аренаҿы Беларуссиа Аԥсны иазыҟанаҵо адгылара, еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны ҩ-ганктәи аусеицураз имҩаԥнаго аҽазышәарақәа", — аҳәоит адныҳәалараҟны.
Беларуссиа ахада Александр Лукашенко раԥхьаӡакәны Аԥсны даҭааит 2022 шықәса цәыббрамзазы.

Аконсультациақәа рыплан

Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа 2024-2025 шықәсқәа рзы аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит Сергеи Шамбеи Ахсар Џьиоеви.
Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит: ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа, ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра-зинтә база аҿиара, аконсултә усураҿы аусеицура, аҭҵаарадырра-практикатә семинарәа, аконференциақәа, астол гьыжьқәа реицымҩаԥгара.
Шамба Џьиоев иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ахьыҧшымра азхаҵара амш азы дахьааз.
Сергеи Шамба иазгәеиҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара рылшамҭа шалоу Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра азхаҵара зыхьӡ адырҳәало Едуард Кокоиты.

Амеморандуми аиқәшаҳаҭреи

Аԥсны Афинансқәа рминистрреи Урыстәыла Афедералтә хазынаҭреи Атехникатә усеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аԥсуа ган ахьӡала ашәҟәы инапы аҵаиҩит аусбарҭа аиҳабы Владимир Делба, аурыс ган ахьӡала — Ахазынаҭра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Демидов.
"Ҳара иҳабжьоу ҩганктәи аизыҟазаашьақәа иаҳа-иаҳа рырҿиара ҳаҿуп ҳнапы иану ахырхарҭақәа рҿы. Амеморандум анапаҵаҩрала ҳҳәынҭқарра иааизакны афинанстә система аҿиаразы, ҷыдалагьы, ахазынаҭра абзоурала абиуџьет анагӡаразы даҽа шьаҿак ԥхьаҟа иҟаҳҵеит", - ҳәа иазгәеиҭеит Делба.
Александр Демидов иажәақәа рыла, 2016 шықәса инаркны узықәгәыӷша абиуџьеттә система аԥҵаразы активла аусура шымҩаԥысуа азгәеиҭеит.
Урыстәыла аиҳабыра азакәанԥҵаратә усуразы акомиссиа ақәшаҳаҭхеит Аԥсни Урыстәылеи ҩынтәны ашәахтәқәҵара аԥыхразы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара.
Лаҵара 7 2024 шықәсазы Аҟәа анапы зҵаҩыз ашәҟәы иазԥхьагәанаҭоит:
Адивидендқәеи ароиалтиқәеи реиԥш иҟоу ахашәалахәы азы иаку ашәахтә 10% рҟынӡа
Апроценттә хашәалахәы иадҳәаланы ахашәалахәы ахыҵхырҭақәа рҿы ашәахтә ақәҵара аҟынтәи ахақәиҭтәра.
Апроцентқәа рзы ашәахтәқәа ауал зҭаз аҳәынҭқарра абиуџьет ахь ишәахоит.
Аргылара ахьымҩаԥысуа атәылаҿы аргылаҩцәа 18 мзы рыҩнуҵҟа ахашәалахәы ашәахтә ршәара аҟынтәи ахақәиҭтәра. Ацхырааратә аамҭа аҩнуҵҟа, ашәахтә ашәара ахьынхо атәылаҿы мацара ауп.
Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәахоит ашықәс нҵәаанӡа.

Анапхгараҭарақәа

Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадараз Аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп. Нанҳәа 29 аҽна абри азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
2020 шықәса лаҵарамза инаркны 2021 шықәса жьҭаарамзанӡа напхгара аиҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадараз Аусбаҭа.
Аԥсны
Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадараз Аусбарҭа аиҳабыс даҭоуп
2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсуа драматә театр адиректорс даҭан.
Акультура аминистрра адыррала Аԥсуа театр адиректор и.н. Хьыбла Мықәԥҳа.

Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рзы ауадақәа

Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз 24 ҭаацәара ауада ҿыцқәа рцаԥхақәа роуит.
Абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭеилакы.
Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныргылареи" Аҳәынҭеилаки ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымзазы арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахархәарахь иаҭан Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан ҳџьынџьуаа рзы идыргылаз ауадарацәа змоу аҩнеихагыла.
Анхарҭа ҭыԥқәа зауа рсиаҿы иҟоуп зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз 380 ҭаацәара.

Хашҭра ақәым

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара ахьӡала аӡыршә аартын Ахьӡ-аԥша апарк аҟны, Аҟәа.
Аӡыршә аартразы ажәалагала ҟанаҵеит ауаажәларратә хеилак "Бриџь" ҳәа лҳәеит аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" аиҳабы Гәыли Кьычба. Аҳҭнықалақь ахадара ацхыраара ҟанаҵеит.
Аӡыршә автор — аскульптор Мадина Бигәааԥҳа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны иаартын хабарда ибжьаӡыз ирызку афотоцәыргақәҵа. Иара убасгьы Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаартын зекспозициа 96 фотосахьа аҵанакуаз афотоцәыргақәҵа.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 1865-ҩык, урҭ рҟынтәи 285-ҩык рыԥшаахьеит, рхаҭарагьы шьақәдыргылахьеит. Аԥсуа ган ала хабарда ибжьаӡит ҳәа ишшьоу 170-ҩык. 46-ҩык ԥшааны, рхаҭарагьы шьақәыргыланы рҭаацәа ирырҭахьеит.