Аԥсны

Аԥсны асоциалтә усхк аусзуҩцәа руалафахәқәа ишақәнагоу ирызнашәоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Аԥсны асоциалтә усхк аусзуҩцәа руалафахәқәа ишақәнагоу ирызнашәоит, урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахәҭак аанкылара шыҟоугьы. Абри атәы аанацҳауеит "Аԥсны.Иахьа".
Ари азҵаара шьҭыхын аԥыза-министр Александр Анқәаб иҿы аилацәажәараан ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Ари алыршахоит аныхтәқәа егьырҭ рыхәҭаҷқәа рырмаҷра иабзоураны. Ашықәс нҵәаанӡа ауалафахәы иазоужьхоит 700 миллион мааҭ.