Аԥсны

Делԥҳаи Блабԥҳаи еиҭарҳәеит аҿартә политика аспециалистцәа рзы апрограмма шымҩаԥысыз

Sputnik
Нанҳәамза 26-28 рзы аҿартә политика аспециалистцәа рзы Москва имҩаԥысуаз арҵаратә программа иалахәын аԥснытәи аҟазауаа.
Арадио Sputnik аҟны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҿар рыҟәша аспециалист хада Саманта Делԥҳа, Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа аспециалист Мрана Блабԥҳа излахәыз хымштәи апрограмма аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.