Аԥсны

Козаки Бжьаниеи реилацәажәара Аԥкаанҵа ҳәа иазгәаҭоу адокумент ахҳәаа аиҭеит Шамба

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба ахҳәаа аиҭеит асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз адокумент — Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәара Аԥкаанҵа ҳәа иазгәаҭоу.
"Официалла ҳара акгьы ҳмоуцт. Официалла иаҳзаашьҭым адокумент ииашаҵәҟьоуп ҳәа иҳазшьом", — иҳәеит Шамба.
Убри аан иара иазгәеиҭеит атекст аҿы иарбоу азҵаарақәа изныкымкәа ишрылацәажәахьоу. Иаҳҳәап, ахыдҵақәа рынамыгӡара асанкциақәа рахь ишкылнаго атәы. Урҭ ирылагахьеит — цәыббра акы инаркны шәарақәак рганахьала аԥаразоужьра аанкылоуп.
"Арахь иаҵанакуеит арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, азинмчратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Иубартә иҟоуп арҭ раԥхьатәи ашьаҿақәа шракәу. Уи адагьы, есышықәса проблемас иҳамоу алашара аиура акәзар, уи уажәшьҭарнахыс акоммерциатә хәыԥсала ахә ахшәаалатәхоит", — ҳәа иҳәеит Аԥсны АдәА рхада.
Убри аан Шамба иҳәеит аиԥылара нанҳәа 19 рзы ишыҟаз, Аԥкаанҵа арыцхә нанҳәа 26 ҳәа ишарбоу, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иара анапаҵаҩраан дшыҟамыз.
Асоциалтә ҳақәа Аԥснытәи рсегмент аҟны иаларҵәоуп адокумент — Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәара Аԥкаанҵа ҳәа иазгәаҭоу ахкьыԥхьаа.
Адокумент иану аинформациала, урыстәылатәи аган иагәҭакуп аӡбарҭатә ӡбамҭақәа рыдкылараз аиқәшаҳаҭра аратификациа азуреи апартаментқәа рзы азакәан адкылареи, иара убасгьы аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа рзы альготақәа рышьақәыргылареи мҩаԥгахаанӡа аԥаразоужьратә программақәа раанкылара. Уи адагьы аԥснытәи амчрақәа Апарламент адепутатцәеи аоппозициа аԥхьагылаҩцәеи, Урыстәыла атәылауаҩра змыхзар ауаа ирызку адыррақәа ҟанаҵароуп ҳәа арбоуп. Ахада Иусбарҭа арҭ адҵаҟаҵарақәа мап рцәыркхьеит.