Аԥсны

Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4– Sputnik. Валери Аҩӡба Гәдоуҭа араион ахадас дшьақәырӷәӷәоуп.
Абжьыҭира иалахәын араионтә еизара адепутатцәа 28-ҩык , урҭ рахьтә 27-ҩык иара изы рыбжьы арҭеит, аӡәы – мап ицәикит.
Валери Аҩӡба диит абҵара 3 1957 шықәсазы Аҷандара. 1978 - 2020 шш. рзы аус иуан Аҷандаратәи абжьаратә школ аҿы, 1992 шықәса раахыс директорс дыҟан. Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы.
2020 шықәсазы араион ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп, 2024 шықәса рашәара 3 аахыс - араион ахада и.н.