Аԥсны

Ҭаркьыли Аҩӡбеи еиҭарҳәеит "Аимҵакьачара" иазку аицлабра ралахәхара шыҟалаз

Sputnik
Раԥхьаӡакәны Аԥсны иаатит амилаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку ареспубликатә жәларбжьаратәи аицлабра.
Арадио Sputnik аҟны Ҷлоутәи акоманда алахәыла Анрик Аҩӡбеи, Дәрыԥшьтәи акоманда алахәыла Асҭан Ҭаркьыли еиҭарҳәеит аҭоурых ду змоу аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа реиқәырхареи рырҿиареи ҵакыс иамоу.
Аицлабра иалахәуп акомандақәа жәба: Афон ҿыц, Кәтол, Дәрыԥшь, Ҷлоу, Аҷандара, Ԥақәашь, аҟәатәи абжьаратә школқәа N1, N5, амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа рыла еиҿкаау ҭырқәтәылатәи акоманда. Атурнир цәыббра 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Аиҿкааҩцәа: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.