АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Ииасыз амзазы Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа 244 хараԥса ылрҩааит арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы акразы. Ари ԥхынгәымзазы аасҭа 24 рыла еиҳауп.
Аԥхынтәи хымз рыҩнуҵҟа зегь реиҳа арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз ахьаарԥшыз Гагра ауп. Нанҳәамзазы Гагра абри аганахь ала 74 ԥкаанҵа ылҩаан, уи алагьы Аҟәа иаԥнагеит. Аҟәа жә-ԥкаанҵак рыла иаҵахеит.
Гәдоуҭа ҩынтә еиҵоуп. Аҵыхәтәантәи амзазы илҩаау 33 ԥкаанҵа роуп.
Очамчыра араион аҿы нанҳәамзазы 28 ԥкаанҵа ылҩаан, араион астатистикаҿ аԥшьбатәи аҭыԥ ннакылоит. Иара иашьҭанеиуеит Гәылрыԥшь, Аҟәа, Гал, Тҟәарчал араионқәа. Нанҳәамзазы арҭ араионқәа рҿы илҩаау ахараԥсақәа еицуҵаргьы Гагра изахьӡаӡом.
Ақәратә категориақәа рыла нанҳәамзазы аԥсахрақәа ҟалеит. Уажәазы "ахьы" ранашьахеит 30-35 шықәса зхыҵуа арныҟәцаҩцәа, урҭ ԥхынгәымзатәиқәа (35-40) ираԥыргеит 5 пунктк рыла.
"Аџьаз" ргеит 40 - 45 шықәса зхыҵуа. Нанҳәамзазы еиҳа иқәыԥшу аилагаҩ 18 шықәса ихыҵуеит. Гагратәуп, ԥхынгәымзатәи иаасҭа хышықәса рыла деиҵбуп. Зегь иреиҳабу 72 шықәса ихыҵуеит. Иара ԥхынгәымзатәи иаасҭа 11-шықәса рыла деиҵбуп.
Нанҳәамзазы ижәны иҟаз амашьынарныҟәцаҩцәа 244-ҩык рҟынтәи 40-ҩык Аԥсны иаҭааз асасцәа роуп, 39-ҩык – урыстәылаа. Дыҟан асас "дахь", Камерунтәи. Ари атәыла аҟынтә атәылауаҩ раԥхьаӡа акәны ари асиа даншәалеит.
Иара убасгьы иаанкылан арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз аҳәса: фҩык урыстәылаа, ҩыџьа аҭыԥантәиқәа. Зегь раасҭа иқәыԥшыз 20 шықәса лхыҵуан, еиҳабыз – 47 шықәса.