Аԥсны

Ԥаҷкориа еиҭеиҳәеит амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа "Аимҵакьачара" ралахәхара иамоу аҵакы

Sputnik
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны имҩаԥысуеит амилаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иазку жәларбжьаратәи аицлабра, уаҟа еиндаҭлоит жә-командак. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа рыла еиҿкаау ҭырқәтәылатәи акоманда. Уи напхгара азызуа Ҭырқәтәыла иҟоу Балбалы (Калдахәара ақыҭа) ахада Ерџьаи Ԥаҷкориа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит акоманда аизгара шыҟалаз, аҿар ари аспот хкы ахьынӡарыцааиуа, иахьынӡаргәаԥхо атәы.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.