Аԥсны

Аргәыни Кәартааи еиҭарҳәеит Аԥсны агәыҳалалразы иҟоу алшарақәа ртәы

Sputnik
Агәыҳалалара Жәларбжьаратәи амш аҽны арадио Sputnik аҟны агәыҳалалратә фонд "Аус бзиа" аиҳабы Енрик Кәартааи ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәыни еиҭарҳәеит ҳтәыла ауааԥсыра агәыразреи адгылареи ахьынӡаадырԥшуа, зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ацхыраара шрырҭо, агәамбзиара зызцәырҵыз хәыҷи-дуи ацхыраара шрырҭо.
Кәартааи Аргәыни иазгәарҭеит напхгара зырҭо афондқәа аимадара бзиа шрымоу, аиҳарак агәабзиарахьчара ахырхарҭа ала.

Шәахәаԥш астудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.