Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Оҭҳара ақыҭан аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иалагеит

Арҽеиратә усурақәа рышьҭахь, ақыҭаҟны инхо 357 ҭӡы аӡы азын ирымоу ауадаҩрақәа аԥыххоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иалагеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ҩымз ҵуеит аусура иаҿуижьҭеи. Ажәытә аӡеизакырҭақәа реиҭашьақәыргыларақәа ауӡом аҟынтәи 300, 500 кубометра зкуа аҿыцқәа рыла иԥсаххоит. Акы ахыӷәра зегьы ԥсахуп, егьи — ахәҭак.
"Уаҵәы аҭыӡқәа аҭарҭәара иалагоит, абитон анаҩс адгьыл жны аусурақәа мҩаԥган. Аӡеизакырҭа иаакәыршан аӡымҩангагатә цәаҳәақәа ԥсахуп, аҵеиџьқәеи ашәаҳагақәеи рҿыцуп", - ҳәа иҳәеит анардатә еиҿкаара аусбарҭа аиҳабы Рустам Цәеиба .
Уаанӡа, Отҳара х-ҳаблак еимданы ҩымш-хымш рахьтә знык аӡы рырҭон. Ақыҭа ахада Анатоли Аиба агәыӷра имоуп, цәыббрамза анҵәамҭазы аусурақәа хыркәшаны, 357 ҭӡы уадаҩрада аӡы роулоит ҳәа.
Аԥсны
Тҟәарчал-Аҟармара ирыбжьоу амҩа аремонт хыркәшахоит цәыббрамзазы