АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik. Сҭампыл иаатит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аатит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥшьа Ҳагԥҳа.
Barin Han агалереиа аҟны ицәыргоуп Асида Аҳәԥҳа, Адамыр Аршба, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Асҭанда Чамагәуаԥҳа, Баҭал Џьапуа, Сабина Хынҭәԥҳа, Олег Ҷедиа, Саида Кәыҵниаԥҳа, Архип Лабахәуа русумҭақәа.
"Аԥсуа милаҭтә сахьатә галереиа абылра иазкуп ацәыргақәҵа", — ҳәа лҳәеит лара.
Лара лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа азҿлымҳара ду аиуит, аартра иалахәын 200-ҩык инареиҳаны.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит цәыббра 9 рҟынӡа. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа–ахылаԥшыҩцәа — Денеф Хәыжәи Сине Ергиуни, Аԥсны акультура аминистрреи агалереиа AUADA ацхыраарала.