Аԥсны

Шьашьикәаратәи агәамсамкаԥсарҭаҿы амцакра ырцәоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6- Sputnik. Шьашьикәаратәи агәамсамкаԥсарҭаҿы амцакра ырцәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Дмитри Адлеиба.
Амца арцәара иацхрааит иаци иахьеи илеиз ақәа.
Аҟәатәи атехника Галынтәи иқәыргеит. Аҭыԥ аҿы иаанхеит аҳҭнықалақьи Гал араиони ркоммуналтә маҵзурақәа. Урҭ ихәыҵҟьар зылшо амцакрақәа хылаԥшра рырҭоит.
"Иара убысгьы, агәамсам жтәуп", — ҳәа иҳәеит Адлеиба.
Гал араион аҟны агәамсамеизакырҭаҿы амцакра ҟалеит нанҳәа 16 рзы. Араион ахада Константин Ԥлиа иажәақәа рыла, уи мзызны иамаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.
Амца агәамсамкаԥсарҭа абжеиҳара амҽханакит, алҩа ақәчра иахҟьаны аҭыԥ ахь анеира уадаҩын. Галтәи акоммуналтә усзуҩцәа рыцхрааразы Аҟәантәи ауааи атехникеи нашьҭын.