Аԥсны

"Шьашьилеҭ" афымцацәаҳәа аиԥҟьара иахҟьаны Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6- Sputnik. Аҟәа ахәҭаки, Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа лашарада иаанхеит АҲ "Шьашьилеҭ" афымцацәаҳәа ааха иаиуз иахҟьаны ҳәа "Амшынеиқәафымцамч" аҟнытә Sputnik иазеиҭарҳәеит.
Аҳҭнықалақь аҿы акәзар, алашара авариатә схемала ирцәан. Уажәазы аҟазауаа ацәаҳәа ааха ахьаиуз аҭыԥ аԥшаара иашьҭоуп.
Аиԥҟьара шыҟалаз еилкаахеит цәыббра 6 ашьыжьымҭан. "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура иҟанаҵаз адыррақәа рыла, афымцацәаҳәа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит.