Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР иаҵанакуа Мемрик ақыҭа ахы иақәиҭыртәит

Украинатәи аруаа ҽнак ала 2020-ҩык ҭахеит ҳәа аҳәоит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳасабырбаҟны.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлартә Республика иаҵанакуа ақыҭа Мемрик ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аоператив-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәеи, аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит 148 раион рыҟны аӷа ируааи аибашьыгатә техникеи.
Аҳаир хыхьчаратә хархәагақәа уахыкала иҭадырхеит имҩақәҵоу аҳаиртә бомба Hammer-қәа ҩба, ареактивтә хыршәқәа HIMARS - 4, аԥырҩы дызҭам ахархәага 40.
Иҷыдоу арратә аоперациа иалагазар иҭархоуп украинатәи аҳаирпланқәа 642, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәага 31 166, азениттә ракетатә комплексқәа 579, 17 969 танки еиуеиԥшым аибашьыгатә техникеи, 14 358 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, иара убасгьы иҷыдоу арратә автомобилтә техника – 25 825.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥсны атәылауаҩ дҭахеит Курсктәи аобласт аҿы аибашьраан